Аԥсны

Уфа ақалақь аҿы иаадыртит Аҟәатәи агәашьеибаркыра аиԥш зеиԥшу аргыламҭа

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Уфа ақалақь аҿы, Ареспублика Амш аламҭалазы, иаадыртит Аҟәатәи агәашьеибаркыра аиԥш зеиԥшу аргыламҭа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ари аусмҩаԥгатә далахәын.
Иара Башкорҭосҭан ахада Ради Хабиров иааиуа аныҳәа идиныҳәалеит, изеиӷьеишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
"Шәара Аԥсны аҩыза ду шәоуп, ҳара ҳтәылаҿы ахьӡ-аԥша шәымоуп. Агәра ганы сыҟоуп ари архитектуратә ргыламҭа Уфа зегьы инарылукааша, шәаҳҭнықалақь ԥшӡа ауааԥсыра бзиа ирбо ԥсшьарҭаны ишыҟало", — иҳәеит Бжьаниа.
Башкорҭосҭан ахада иазгәеиҭеит агәашьеибаркыра аиҩызареи аҳаҭырқәҵареи ишырдыргоу.
Уфа ақалақь аҿы иаадыртит Аҟәатәи агәашьеибаркыра аиԥш зеиԥшу аргыламҭа
"Башкорҭосҭани Аԥсни рыбжьара аиҩызара ашьаҭа ду ҳаны иамоуп. Иаҳхысыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы, Поволжие амлакра аныҟаз, Аԥсны фатәыла-жәтәыла ацхыраара ҟанаҵон. Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ианықәԥоз, Башкорҭосҭан зегь раԥхьа, 1994 шықәсазы Аԥсны Ахаҭарнакра аанартит", — ҳәа иҳәеит Хабиров.
Аҟәа иҟоу агәашьаркыра аиԥш зеиԥшу аргылара аҭыԥ аҟны раԥхьатәи ахаҳә шьҭаҵан ) 2023 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла уа даныҟаз.