АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. 2024 шықәсазы жьҭаарамза 1 инаркны мызкахьы зықь мааҭ зауаз зсоциалтә лшара маҷу Аԥсны ауааԥсыра ҩ-нызқь мааҭ рызшәахалоит.
Иахьазы есымзатәи аҳәынҭқарратә цхыраара роуеит 1088-ҩык ҳәа азгәалҭеит Асоциалтә еиқәыршәара аминистрра асоциалтә маҵзуреи асоциалтә программақәеи рыҟәша аиҳабы Инна Аџьԥҳа арадио Sputnik адырраҭара "Атәылауаҩи аиҳабыреи" аҿы.
"Жьҭаарамзазы асиақәа ҳархиеит, зегьы дырҩегьых ҳрыхәаԥшит. Иҟоуп зҭагылазаашьа маҷк еиӷьхаз, урҭ, жәаҳәарада, иалырхуеит, иҟоуп ахаҿ ҿыцқәагьы", — азгәалҭеит Аџьба.
Есымзатәи ацхыраара зҭаху ауаа ркатегориақәа ирыҵанакуеит:
зхала иҟоу аинвалидцәа I, II агәыԥқәа,
аиаҭымцәеи, хылаԥш дызмамкәа инхази 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа,
хышықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа ирхылаԥшуа, аус зур зылшо, аха аус зымуа ауаа,
80 шықәса зхыҵхьоу хаҵеи ԥҳәыси, раагара маҷзар,
хышықәса зхыҵуа ахәыҷқәеи зых иамыхәо ахәыҷқәеи зааӡо ихаҭәаам аҭаацәарақәа.
Цәыббрамза ҩажәи фба рзы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы ирыдыркылеит социалла зымчхара маҷу атәылауаа есымза ҩ-нызқь мааҭ рҟынӡа ацхыраара рыҭаразы Ақәҵара.
Аӡбара зызку аҳәаанырцәтәи атәылауааи, атәылауаҩра змам ауааи, анхаразы азин змоу ауааи роуп.