АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Гал – милаҭрацәала еилоу Аԥсны ажәлар рмазареи рдырреи иреизакырҭоуп, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Гал араион ахада Константин Ԥлиа Ақалақь амш азы адныҳәалара ҟаҵо.
"Гал араион ауааԥсыра зегьы, ҳ-Аԥсны ԥшӡа ауааԥсыра зегьы ари ахҭыс рыдысныҳәалоит. Аҳҭнықалақь ҳҳәынҭқарра агәы акәзар, Гал уи анапқәа роуп, избанзар аџьабаа збо ауаа, зеиԥшыҟам анапҟазацәа, анаплакыҩцәа бзиақәа, аҟазареи адырреи рахь згәы зыхо ауаа абра инхоит", - иҳәеит Ԥлиа.
Ԥлиа агәра ганы дыҟоуп, Гал араион ахь иаар, уи аҿиашьеи аԥшӡареи збар зҭаху ауаа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа ишырацәахо.
Гал аҿиара атемпқәеи, ақалақь аҿы иццакны имҩаԥысуа аиҭакрақәеи, зегь раԥхьаӡа иргыланы аҭыԥантәи ауааԥсыра русура, ақалақь ахь ирымоу абзиабара, иара убасгьы ҳәоуеиқәшәала зус назыгӡо акомандеи ирылҵшәоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ԥлиа.
Гал Аԥсны мрагылара ахәҭаҿы иҟоуп. Иара қалақьны ишьақәгылеит 92 шықәса раԥхьа, 1932 шықәсазы.