АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аиҳарак ӡыда иаанхоит амҽыша, жьҭаара 13 рзы ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны асааҭ 21:00 рҟынӡа.
Аӡхагалагатә станциа хадақәеи аӡымҩангагақәеи рҟны имҩаԥырго арҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны аӡы роуӡом Аҳабла жәытә, Колос, авокзал, аҳҭнықалақь агәҭеи ашьхара иахьаԥнуи, аџьармыкьа иахьаҵанакуа, Турбаза, Аишьцәа Занҭариааи, Аԥсилааи, Ҷанбеи амҩадуқәа, ақыҭақәа Ӡыгәҭеи Баслаҭеи, Кәыдрытәи амҩеи рыҟны инхо ауааԥсыра.