Аԥсны

"Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы" Акт 25 шықәса ахыҵит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Жьҭаара 12 1999 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы Акт рнапы аҵариҩит атәыла ахада Владислав Арӡынбеи, Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Сократ Џьынџьали, адепутатцәеи.
Уи аԥхьа Аԥсны асуверентә, адемократиатә, азинтә ҳәынҭқарраны, жәларбжьаратәи азин иасубиектны Аконституциа ишаҳәо инақәыршәаны жәларызегьтәи ареферендум мҩаԥган.
Жьҭаара 3 рзы атәыла ауааԥсыра 97,7% рыбжьыҭарала ишьақәырӷәӷәан 1994 шықәса абҵарамза 26 рзы ирыдыркылаз Аконституциа.