Аԥсны

Аԥсны ихацыркхеит раԥхьатәи аекстремалтә триатлон "Nartman 2024"

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 Sputnik. Раԥхьатәи аекстремалтә триатлон "Nartman 2024" Аԥсны хацыркхеит жьҭаара 12 руха Галтәи аӡеизакырҭаҿы аӡсарала.
3,8 километра абжьаӡарала аӡсара ашьҭахь, атриатлонистцәа амаланыҟәақәа рыла рымҩа иацырҵеит. Галтәи аӡеизакырҭа аҟынтәи аӡиа Риҵаҟа рхы дырхеит.
Амарафон аҵыхәтәантәи ахәҭа — аҩра. Нарҭменцәа 39 километра Риҵатәи аӡиас аҟынтәи Еӷьатәи аӡхыҽҽа аҟынӡа, уантәи — аӡиа Риҵа маҷ инеиуеит, аицлабра хдыркәшоит аӡиа Риҵа.
Аӡсара иалагеит асааҭ 3:35 рзы, аспортсмен Андреи Лиацки хаҭалатәи аицлабрақәа рҿы актәи аҭыԥ ааникылеит.
"Nartman 2024" Аԥсны имҩаԥысуеит жьҭаара 11 инаркны 13 рҟынӡа. Аицлабратә амҩахырхарҭа иаҵанакит ареспублика зегьы – Гала инаркны аӡиа Риҵа аҟынӡа – иааизакны 234 километра. Аицлабрақәа ирылахәуп, хаҭалатәи 14-ҩык аспортсменцәеи хҩык рыла ишьақәгылоу командаки.