Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысит "Ажәытә маҭәа рыԥсҭазаара ҿыц" захьӡу агәыҳалалратә цәыргақәҵа

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит "Ажәытә маҭәа рыԥсҭазаара ҿыц" захьӡу амодақәа дырбара.
Аусмҩаԥгатә азкын аекологиа азҵаареи аба аиҭахархәареи рызхьаԥшра.
Аԥсуа дизаинерцәа Расида Лакәаԥҳаи (Rasario), Асида Аҳәԥҳаи, Русудан Кобиаковеи (Rusiko) ицәырыргеит здаҟам еилаҟацоу аба иалху амаҭәа зхацалакы ыҟам.
Ауааԥсыра рҟынтә еизгаз аџьынс материалқәа ракәын амаҭәаҟны еиҳараӡак ахархәара змаз.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа ируаӡәку, аилахәыра Colors of nation ахаҭарнак Лаура Тарнааԥҳа иазгәалҭеит, апроект аекологиатә зҵаарақәа деилыркааразы ацхыраара ду шыҟанаҵо. Амодақәа дырбара рхы аладырхәит згәабзиара уашәшәыроу амодельцәа.
Агәазыҳәара змаз алшара рыман агәыҳалалратә аукцион аҿы иӡыргаз амаҭәақәа раахәара. Еизыргаз аԥарақәа ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы афонд "Ашана" ахь идәықәҵахоит.
"Ажәытә маҭәа рыԥсҭазаара ҿыц" – 2021 ашықәсазы Colors of nation Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси аилахәыра Аквафон ацхыраарала ихацыркыз аеко-проектуп. Аусмҩаԥгатә Colors of nation 10 шықәса ахыҵра азгәаҭара иахәҭакхеит.