Аԥсны

Аҟәа Надежда Курченко лбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит Надежда Курченко лбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә.
Уи рхы аладырхәит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов, КСОРС анапхгаҩы Олег Иурченко, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра.
Надежда Курченко – 19 шықәса зхыҵуаз, 1970 шықәса жьҭаара 15 рзы Баҭымынтәи Аҟәаҟа иԥыруаз аҳаирплан Ан-24 амаҵзуҩыс дыҟан. Аҳаирплан атеррористцәа рнапаҿы иааргеит, лара урҭ рҿагылара лҽаназылшәа дҭадырхеит.
Курченко анышә дамардеит иахьа уажәраанӡа лыхьӡ зху Аҟәатәи абаҳчаҿы. 1990 ашықәсазы лан иҟалҵаз аҳәарала лыԥсыбаҩ Удмуртиаҟа ииаргеит. Апарк аҿы иқәгылаз лбаҟа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ааха ӷәӷәа аиуит, 2013 шықәсазы аҵла ақәҳан еилаҳаит.
2024 ашықәсазы Надежда Курченко лбаҟа ҿыц шьақәыргылан.