Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи раҳазалхҩцәа ацитрустә сезон аҽазыҟаҵара иалацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи раҳазалхҩцәа ацитрустә сезон аҽазыҟаҵара иалацәажәеит.
Аиԥылара мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҿы. Аганқәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҿы ахылаԥшреи аҳазалхратә еиқәыршәарақәеи реиҿкаара иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убасгьы 2024 шықәсазтәи акурорт аамҭа алҵшәақәа еихыршьаалеит.
Аԥсни Урыстәылеи аҳазалхратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа иазгәарҭеит, ицәырҵуа азҵаарақәа ирласны рыӡбареи аҳәаа ахысра апроцесс арццакреи рзы аҳәаахьчаратә усбарҭақәа реимадара арӷәӷәара шхымԥадатәиу.
Жьҭаара 8 рзы Аԥсны Урыстәылаҟа идәықәнаҵеит раԥхьатәи аекспорт 25 тонна амандарина. Иазгәаҭоуп сынтәа 37 нызқь тонна рҟынӡа ацитрустә шәырқәа реингалара.