Аԥсны

Галузин Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи иареи имҩаԥысраны иҟоу араунд иалацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭеит ақырҭуа-аԥсуа, ақырҭуа-аахыҵ уаԥстәылатәи аҳәаақәа ирыԥну аҭыԥқәа рҿы апровокациақәа раԥырҟәҟәаара аҵак ду шамоу, урҭ "адгьыл аҿы" аибарххарахь икылнагар шалшо.
Аусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи, Европатәи Аидгыла ахаҭарнакцәеи изаамҭанытәиу рраунд аламҭалазы амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәеит.
Урыстәылатәи аган, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиқәыршәара азхьаԥшра шазнауа, аиҿцәажәарақәа рформат ала хра змоу ахырхарҭақәа рҟны аколлективтә ҽазышәарақәа реизырҳара шхымԥадатәиу азгәанаҭеит.
Кавказнҭыҵтәи ашәарҭадара иазку Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы иазԥхьагәаҭоуп.