АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аҟәа иаатит III Жәларбжьаратәи ауниверситетбжьаратәи аҵарадырратә цәыргақәҵа.
Жьҭаара 16 инаркны 18 рҟынӡа Москва Аҩны аҿы Урыстәылатәи иреиҳау жәеиза ҵараиурҭақәеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети алекциақәеи аҟазаратә-классқәеи мҩаԥыргоит.
"Аԥснытәи абитуриентцәа Урыстәыла аҵарадырра аиуразы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла азыҟаҵаратә лшарақәа рдырра роур рылшоит. Астендқәа русура адагьы, аҵараиурҭақәа рӡыргара еиҿкаахоит. Аартра иазку аусмҩаԥгатә ашьҭахь ашколбжьаратәи ауниверситетбжьаратәи еимдара апрактика иазкны аконференциа мҩаԥгахоит", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов .
III Жәларбжьаратәи ауниверситетбжьаратәи аҵарадырратә цәыргақәҵа еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра.