АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik. Аслан Бжьаниа Арҵаҩы имш иазкыз аусмҩаԥгатә аҟны адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит.
"Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭ амш ныҳәа. Шәара шәнапы алакуп зегь раасҭа ихадоу аус — изызҳауа аҿар рааӡара. Шәара шәоуп ирызҭо раԥхьатәи адыррақәа, аԥсҭазаара амҩа иаша ианызҵо аҳәынҭқарра уаҵәтәи анапхгаҩцәа, аҵарауаа, аҳақьымцәа, анџьнырцәа. Иҭабуп шәџьабаазы, шәычҳаразы", — ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада.
Аҳәынҭқарра ахада еиҵагыло аҿар аҵара дырҵареи рааӡареи рҿы рџьабаа ду азы 11-ҩык арҵаҩцәа "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранаишьеит.