Аԥсны

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәҵоуп 120 тонна рҟынӡа амандарина

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Жьҭаарамза иалагазар Аԥснынтәи Урыстәылаҟа 120 тонна рҟынӡа амандарина дәықәҵоуп ҳәа аанацҳауеит Афедералтә ҳазалхратә маҵзура.
Иааизакны 280 тонна инареиҳаны ақыҭанхамҩатә аалыҵ ареспублика аҟынтәи идәықәырҵахьеит – ацитрустә шәырқәа рыдагьы афеихоа, ахәырма, алимон, араса.
Иҳаҩсыз ашықәс, жьҭаарамза инаркны хәажәкыра анҵәамҭанӡа 25 нызқь тонна амандарина атәыла иалган идәықәҵан.
Иааизакны Аԥсны ҳазҭоу ашықәсазы 37 нызқь тонна рҟынӡа ацитрустә шәырқәа реизгара азгәаҭоуп.