Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа ЛЖәР, ДЖәР рҟны ҩқыҭак рхы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Луганск Невское ақыҭеи Донецк ақыҭа Красныи Иари рхы иақәиҭыртәит.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҳасабырба:
Аоператив-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, аракетатә мчқәа, Урыстәыла Арбџьармчқәа рырратә гәыԥқәеи рартиллериеи рыла уаҩы дызҭам акатерқәа ргыларҭа ааха арҭеит, иара убасгьы ааха роуит: арра-ҳаиртә баӷәаза аинфраструктура, Украинатәи Арбџьармчқәа былтәыла еиқәзыршәо анефҭусадуларатә зауад, артҟәацгақәеи аџьаԥҳани ахьҭрыжьуаз ҩ-наплакык, аӷбақәа рҿагылараз аракетатә система "Нептун" ашьақәгыла, аҳаирпланқәа рҿагылараз аракетатә система "С-200", иара убас 138 ҭыԥ рҿы аӷа ируааи ирратә техникеи.
Аҳауахьчаратә системақәа Америка иҭрыжьыз HIMARS ахгәыцәқәа хԥеи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 56 карыжьит.
Иааидкыланы, арратә операциа ҷыда ианалага инаркны еилаԥыххаауп: 646 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 33,704, азенит-ракетатә системақәа 582, аибашьыгатә танки акәылӡмашьынақәеи 18,632, артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи 16246, иҷыдоу арратә автомабилтә техника 27295.