АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik. Гәымсҭа ақыҭан иԥжәаз аӡымҩангага аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахәылԥаз ахыркәшара азгәаҭоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра" аиҳабы Даур Пачкориа.
Иара иажәақәа рыла, уажәы аӡы ыҟаӡам Аҳабла ҿыци, Ажәытә аҳаблеи, Колос иахьаҵанакуеи аҭыԥқәа рҟны.
"Ақалақь егьырҭ ахәҭақәа аӡы рымоуп. Ахәылбыҽханӡа арҽеиратә усурақәа хҳаркәшоит", — иҳәеит иара.
Гәымсҭа ақыҭан аӡымҩангага аԥжәара иахҟьаны Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхеит.