Аԥсны

Москва имҩаԥысит Алиса Гыцԥҳа лмузыкатә алабораториатә-еицлабра аҩбатәи атур

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Алиса Гыцԥҳа Жәларбжьаратәи лмузыкатә алабораториатә-еицлабра аҩбатәи атур мҩаԥысит Москватәи аконсерваториа азал маҷ аҿы.
Асценахь ицәырҵит Алиса Гыцԥҳа лмузыкатә еицлабра актәи атур аҟны аиааира згаз. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аԥхьахә хада иаԥсахаз Софиа Сақаниаԥҳа (асопрано), Владислав Бириуков (абаритон), Кристина Попова (меццо-сопрано), аскрипкарҳәаҩцәа Ивани Иулиеи Покровскиаа.
Аԥсны, Урыстәыла, Белоруссиа, Британиа Ду, Германиа, Китаи, Сербиа, Монголиа, Ермантәыла, Молдавиа уҳәа егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи сынтәа аицлабрахь авокалистцәа рҟынтәи 200 зыҳәа нашьҭын, акамертә ансамбльқәа рҟынтәи — 23.
Аҩбатәи атур ахь инеит авокалистцәа 111-ҩык, аинструменталтә музыкарҳәаҩцәа — 59-ҩык.