Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҟны Максимилиановка ақыҭа ахы иақәиҭыртәит

Sputnik
Аҟәа жьҭаара 17 – Sputnik.️ Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҟны Кураховсктәи ахырхарҭала иҟоу Максимилиановка ақыҭа ахы иақәиҭыртәит.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҳасабырба:
Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә мчқәеи, артиллериеи рыла ааха арҭеит Украина арра-ааглыхратә комплекс анаплакқәа русура еиҿызкаауаз аенергетикатә аинфраструктура ргыларақәа. Иара убас 141 раион рҿы аӷа ируааи ирратә техникеи.
Аҳауахьчаратә системақәа Америка иҭрыжьыз HIMARS ахгәыцәқәа хәбеи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 43 карыжьит.
Иааидкыланы, арратә операциа ҷыда ианалага инаркны еилаԥыххаауп: 646 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 33,747, 18,632 артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи, иҷыдоу арратә автомабилтә техника 27313.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа ЛЖәР, ДЖәР рҟны ҩқыҭак рхы иақәиҭыртәит