Урыстәыла

Лавров: Мраҭашәара Урыстәыла иаҿагылоу "Кавказ аҩбатәи афронт аартразы" ҩаԥхьа аҽазнашәоит

Сҭампыл имҩаԥысит аконсультациатә арегионалтә платформа "3+3" аилатәара.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла иаҿагыланы "аҩбатәи афронт аартрази" Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аҵшәаарази рҽазышәарақәа ирыцәхьаҵуам ҳәа Сҭампыл имҩаԥысыз арегионалтә платформа "3+3" аилатәараҿы иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Ара иаабо ашәарҭарақәа рӷьырак, Мраҭашәаратәи атәылақәа араҟа рнырра аизырҳара иазырхоу рҽазышәарақәа ирыдҳәалоуп, зегь раԥхьаӡа иргыланы, Аахыҵ Кавказ атәылақәеи ҳҳәынҭқарреи рыбжьара еиҟароу, ҩ-ганк рзы ихәарҭоу аусеицуразы Урыстәылатәи Афедерациа алшарақәа рырԥсыҽроуп", — ҳәа азгәеиҭеит Лавров.