Урыстәыла

Лавров: Мраҭашәара Урыстәыла иаҿагылоу "Кавказ аҩбатәи афронт аартразы" ҩаԥхьа аҽазнашәоит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПереговоры С. Лаврова и президента Абхазии А. Г. Бжании
Переговоры С. Лаврова и президента Абхазии А. Г. Бжании - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2024
Анапаҵаҩра
Сҭампыл имҩаԥысит аконсультациатә арегионалтә платформа "3+3" аилатәара.
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла иаҿагыланы "аҩбатәи афронт аартрази" Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аҵшәаарази рҽазышәарақәа ирыцәхьаҵуам ҳәа Сҭампыл имҩаԥысыз арегионалтә платформа "3+3" аилатәараҿы иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Ара иаабо ашәарҭарақәа рӷьырак, Мраҭашәаратәи атәылақәа араҟа рнырра аизырҳара иазырхоу рҽазышәарақәа ирыдҳәалоуп, зегь раԥхьаӡа иргыланы, Аахыҵ Кавказ атәылақәеи ҳҳәынҭқарреи рыбжьара еиҟароу, ҩ-ганк рзы ихәарҭоу аусеицуразы Урыстәылатәи Афедерациа алшарақәа рырԥсыҽроуп", — ҳәа азгәеиҭеит Лавров.
Ажәабжьқәа зегьы
0