Аԥсны

Лагәлаа: ахәыҷқәа ирызку аԥсуа литература иазкны

Sputnik
Ахәыҷқәа рзы аԥсышәала ажәеинраалақәа реизга ҿыц "Ашьхыц" ҭыҵит. Уи автор - апоет, ашәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиеи Таиф Аџьбеи рыхьӡ зху аҳәынтқарратә ҳамҭақәа занашьоу Анатоли Лагәлаа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ахатәы бызшәа аҵараҿы ахәыҷтәы литература ицхыраагӡахар шалшо, иахьа ахәыҷтәы жәеинраалақәа зыҩуа абанӡаҳамоу, шаҟа бызшәа мариала аԥхьаҩцәа хәыҷқәа рзы аҩымҭақәа раԥҵара алыршатәу, насгьы ашколхәыҷқәа аԥсуа литература агәыбылра дыркразы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа уҳәа ртәы.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.