Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳауахьчаратә хархәагақәа уахыкала HIMARS ахыршәқәа хәба ҭадырхеит

Украинатәи Арбџьармчқәа уахыки-ҽнаки рыла еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны ирыцәҭахеит 1805-ҩык рҟынӡа аруаа ҳәа аҳәоит Атәылахьчара аминистрра аҳасабырба.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауахьчаратә хархәагақәа уахыкала амерека иҭыжьу HIMARS ахыршәқәа хәба ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылат Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы, аҳаирплан хкы еиԥшу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 142 ҭадырхеит.
Аусбарҭа адырра ҟанаҵоит, Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ишықәырхыз қьырала украина иеибашьуа аҳәаанырцәтәи аибашьцәа аамҭалатәи рҭыԥқәа, Сумтәии Харковтәии аобластқәа рҿы адронқәа ахьҭрыжьуаз аусурҭақәа, аӷа ируааи ирратә техникеи 131 раион рҟны.
Арратә операциа иалагазар УкрАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 646 ҳаирыплан, 283 вертолиот, 33 966 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 582 зенит-ракетатә комплекс, 18 740 танки акәылӡымашьынеи, 1 478 реактивтә система, 16 418 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 27 430 ак аибашьыгатә автомобилтә техника ҷыда.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Уахыкала Урыстәыла аҵакыраҿ украинатәи адронқәа 40 инареиҳаны икарыжьит