Аԥсны

Гал ақалақь аҟны аӡы ҟалаӡом ахаша, жьҭаара 23 рзы

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Гал уахыки-ҽнаки ӡыда иаанхоит Речхәы ақыҭан аӡымҩангага хада аԥжәара иахҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит "ГалМедиа".
Аӡымҩангага аиҭашьақәыргыларатә усурақәа уаҵәы ирылаготи ҳәа иҳәеит араион ӡыла аиқәыршәареи аӡымҩахгагеи рмаҵзура аиҳабы Кахабер Изориа.
Гал ақалақь аҿы аӡы ҟалаӡом ахаша, жьҭаара 23 инаркны жьҭаара 24 шьыжьынӡа.