Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҟны иҟоу ақыҭа Новосадовое ахы иақәиҭыртәит

Sputnik
Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҟны иҟоу ақыҭа Новосадовое ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭа адырра ҟанаҵоит:
Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи аӷа ируааи ирратә техникеи еилаԥыхха иқәырҵеит 142 раион рҟны.
Аҳауахьчаратә хархәагақәа иԥыржәеит франциа иҭыжьу авиациатә бомба Hammer, Америка иҭыжьу HIMARS ахыршәқәа ԥшьба, аҳирплан иеиԥшу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 77.
Иааидкыланы, арратә операциа ҷыда ианалага инаркны еилаԥыххаауп: 646 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 34,095, азенит-ракетатә комплексқәа 583, атанкқәеи егьырҭ акәылӡымашьынақәеи 18 753, ахымцатә ҭырҟьага ареактивтә системақәа 1 478, артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи 16 530, аибашьыгатә автомобилтә техника ҷыда 27 468 ак.