АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik. 98 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит атыл аветеран Иван Ԥлиа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа реидгыла ахантәаҩы Закан Нанба.
Жәиԥшь шықәса зхыҵуаз Иван Ԥлиа аибашьра ду ианалага иҵара ааныжьны афронт азы ачаи, аҟәыд, аџьықәреи ахьаадрыхуаз аколнхараҿы аусура далагар акәхеит. Sputnik иаиҭахьаз аинтервиуқәа руак аҿы аветеран дрылацәажәеит аибашьра ашықәсқәа, Аԥсны ашьхақәа рҿы аибашьра шцоз.
"Сара лабҿаба избеит аӷа идесант штәоз. Усҟан ҳаруааи дареи реибашьраҿы ҳа ҳтәқәа аӡәырҩы ҭахеит, аха ҳаӷацәа рҟынтә аӡәгьы иԥсы ҭаны даанымхеит", — иҳәеит иара.
Аибашьраан Иван Ԥлиа ашьхақәа рҿы зҽыҵәахны иҟаз адезертирцәа рышьҭашәарыцарагьы аниқәшәоз ыҟан. Урҭ Аԥсадгьыл иачарҳәаҩцәаны иԥхьаӡан ҳәа иҳәон иара.
Аха арԥыс қәыԥш ахысра иқәымшәеит, избанзар зынӡа дахьҿаз азы ишәарҭаз аҭыԥқәа рахь днарышьҭуамызт.