АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа адронқәа быжьба карыжьит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Иҳаҩсыз аҵх азы киевтәи арежим аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла Урыстәыла аргыларақәа рыжәларазы иҟанаҵаз аҽазышәарақәа аԥырҟәҟәаан", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Амшын Еиқәа аӡымҽхакыраҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хԥа карыжьит, Курсктәи аобласт аҿы даҽа ԥшьба. Иара убасгьы аԥшьаша ашьыжь Курсктәи аобласт аҿы аракета карыжьит.