Аԥсны

Аҩӡба дырзааҭгылеит аетнограф Соломон Ажәанба иусумҭақәеи иеибашьратә еихьӡарақәеи

Sputnik
Раԥхьаӡатәи аԥсуа етнограф, арратә усзуҩ, аамсҭа Соломон Ажәанба илшамҭақәа, аԥсуа жәлар рҭоурыхи рыбзазашьеи ирызкны аҭҵааратә усқәа рымҩаԥгара ахьынӡаилшаз, уи ишьҭаиҵаз ауасхыр хәшьарас иамоуи иахьынӡацхыраагӡоуи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аетнограф, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Аҩӡба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.