Аԥсны

"Абџьар азы" азакәан аиҭакрақәа ирылацәажәеит апарламенттә еилакы аилатәараҿы

Аилатәара иалахәын аилак алахәылацәа, Аԥсны Абанки "Гарант-Банки" рхаҭарнакцәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы аилатәараҿы "Абџьар азы" азакәан аиҭакрақәа ирылацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи азинтә усбарҭақәеи русзуҩцәа рмаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡараан амаҵзуратә бџьар амазаареи, аныҟәгареи, ахархәареи рзы азин рыҭазарц, насгьы азакәан ирыднаҵаз аҭакԥхықәрақәа рсиа ахарҭәааразы ажәалагала ҟаҵан.
Иара убасгьы адокумент Аԥсны Абанки егьырҭ абанкқәеи амаҵзуратә бџьар аиуреи ахархәареи рзы азин рыҭара аднагалоит.
Адепутатцәа аӡбра рыдыркылеит иааиуа аилатәараҿы азакәан апроект актәи аԥхьарала ирыдыркыларц азы абжьгара ҟарҵарц.