Аԥсны

"Аҳаԥшьа кылҵәа ҩы ҭаӡом": аҳаԥшьеи уи иазку азгәаҭарақәеи

Аҳаԥшьеи уи иазку азгәаҭарақәеи ртәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Sputnik
"Аҩы ачеиџьыка арԥшӡоит" - асасдкылараҿы, ацәгьеи абзиеи рҿы иара аҭыԥ ҷыда азыԥҵәоуп. Аӡәырҩы аԥсуа нхацәа аҩыҟаҵара иазҟазоуп. Ажь аншәлак, афҩы лаҳа-лаҳауа иҭааны, зыцԥхьқәа хаддылоу аҩы замана ҟарҵоит. Лымкаала рыҩцарақәа рҿы иҵоу аныҳәарақәа ирызку аҳаԥшьақәа аҩы рҭарҭәоит. Иҵоу аҳаԥшьақәа хазы-хазуп, иалкаау аныҳәара ахатәы ҳаԥшьа азыԥҵәоуп.
Адгьыл иагәыҵаҳәҳәоу аҳаԥшьа ибзианы иахылаԥшлатәуп. Аҳаԥшьа аҩы аҭаҭәара, ицқьаны аныҟәгара знапы иану ахацәа роуп. Аҳаԥшьа ажәызар, ма џьара иҷазар хымԥада иԥсахтәуп. Излауԥсахуа уаанӡа иузыҵаз аасҭа еиӷьзар, иеиҳазар ахәҭоуп.
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ
Аҳаԥшьеи аҿаԥыцтә ҳәамҭақәеи
Аԥсуа жәлар репос аҟны аҩгьы аҳаԥшьақәагьы рцәырҵра Нарҭаа рыхьӡ иадҳәалоуп, дара ҩымаҭәас иныҟәыргоз ҳаԥшьан. Нарҭаа рҳаԥшьақәа рацәан, аҩгьы рҭабзиахон. Урҭ аҳаԥшьақәа ирыман рхатәы хьыӡқәа: Ҩаӡамакьаҭ, Хьамхәа, Аҩаӡакьаҭ, Агӡакьаҭ. Арҭ аҳаԥшьақәа зегьы иреиҳан Ҩаӡамакьаҭ. Ҩаӡамакьаҭ инахагыланы иқәыз ииҳәаз наигӡар акәын. Инахагыланы ишәиир, рышәиԥхьыӡ наӡон. Рҳаԥшьақәа ирҭарҭәоз аҩқәа нҵәара рықәӡамызт, шаҟа ахырхуаз аҟара еиҭацлон.
Аԥсуа фольклор аҟны нҵәара зқәым, еснагь ҩыла иҭәу аҳаԥшьа иазку аҳәамҭақәа уԥылоит. Ус еиԥш иҟаз аҳаԥшьа аҟазшьа ҷыда атәы аӡәы иарҳәомызт, избан акәзар иамаз амч цон. Афольклорҭҵааҩы Цира Габниаԥҳа лқыҭа гәакьа Џьырхәа ианылҵахьан абас еиԥш иҟоу аҳәамҭа: "Аԥсуаа изларҳәо ала, аҳаԥшьа иҭоу аҩы шаҟа ахыухуа аҟара еиҭа шҭало атәы аартны аӡәы иоуҳәар ҟалаӡом. Знык иуамхаҳәар, уи иамаз аҟазшьа ҷыда канажьуеит, "аҽаҵәахуеит". "Абас зны хаҵак асасцәа изааит. Зны иара дцан, рыҩцараҿы иҵаз аҳаԥшьа иҭаз аҩы аирыӡ азна аахыхны иааигит. Аҩынтә раан аԥшәма ԥҳәыс дишьҭит. Уи дцан аирыӡ азна аалгеит. Иржәит. Аирыӡ анҭацәы, иаашьҭылхын деиҭацеит. Аҳаԥшьа ахҩа ҩахылхзар, ихахәхәала иҭәны игылоуп. Уамашәа илбит. Дааин, лхаҵа илбаз атәы иалҳәит. "Ҳаи, бара, изыбҳәеи! Шьҭа бнеии, иҟоу ббап!" – иҳәеит. Днеизар, аҳаԥшьа ҭыкка иҟан, цәыкәбаркгьы ҭамызт".
Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы

Жәлар рҟәыӷарахьтә

Жәлар рҟәыӷара иалҵшәоу ажәаԥҟақәа рхыԥхьаӡараҿы имаҷым аҳаԥшьа иахҳәаау. Ҳрызхьаԥшып урҭ:
"Аҳаԥшьа ҟазҵо иахьиҭаху амаа аиҭоит", "Аҳаԥшьаҟаҵаҩы амаа ахьиҭаху иеиҭоит", "Аԥҳал ҟазҵо иахьиҭаху амаа аиҭоит" – абарҭ ажәаԥҟақәа ҵакыла еизааигәоуп, аус знапаҿы иҟоу, хыс иамоу ишиҭаху ахырхарҭа аиҭоит, амҩа иқәиҵоит аанагоит.
"Аҳаԥшьа уҭаҟаар, иухәлаҟаауеит", "Аҳаԥшьа ушҭаҟаауа еиԥш иухәлаҟаауеит" – аҳәатәхамҵара ҵызгаз дыбзиахарц иагьа уилабжьаргьы, лҵшәа аиуӡом, иара итәы ҟаиҵалоит убри ауп иҳарҳәо ҳаззаҭгылаз ажәаԥҟақәа.
"Аҳаԥшьа кылҵәа ҩы ҭаӡом", "Зыҵа кылҵәоу аҳаԥшьа ҩыла иузырҭәуам" - згәы хәаԥсоу ауаҩы иагьа амал, адырра ирҳазаргьы игәаҭа аршкәакәом, дшыхәаԥсоу даанхауеит.
"Аҽагажә ҳаԥшьа хтыгоуп" - узвагылоз, есааира узхаҵгылоз ауаа рхы уадырхәаны, уара ацхыраара ануҭаху иузхьамԥшыр, "аҽагажә" еиԥш умала уаанрыжьыр абас рҳәоит.
Аԥсны
"Аишәа ахь ҩежь ззырҳәо": ашыла аԥсуаа рҿы аҵаки уи ԥхыӡла абара иаанагои

Аԥхыӡқәеи азгәаҭарақәеи

Аԥсуаа ҳҿы иҟоуп азгәаҭара амаҭқәа рацәаны ианеизо алмас рымоуп, иузрымхыр, инаганы аҳаԥшьа иҭауршәыр, аҩы иахухыз аҟара ацлоит, иуҳәар иҭабоит, даҽаӡәы днаушьҭыр ҟалаӡом ҳәа.
Аԥхыӡқәа ракәзар:
Аҳаԥшьа аҩы ҭугошәа ԥхыӡ иубар – абзиара, агәырӷьара иамааноуп.
Ԥхыӡла аҳаԥшьа уцәыԥҽуа убар – амазара аганахьала зҵаарак аӡбара иазҳәоуп.