00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аишәа ахь ҩежь ззырҳәо": ашыла аԥсуаа рҿы аҵаки уи ԥхыӡла абара иаанагои

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазская деревня
Абхазская деревня - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2023
Анапаҵаҩра
Ашыла ганрацәала ахархәареи ԥхыӡла абара иаанагои дырзааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аџьықәреи Аԥснынӡа иааӡаанӡа амҩа хара ианысит. Американтәи раԥхьа Европа иааит, уаантәи Ҭырқәтәылаҟа, нас Кавказҟа. Абас ала XVIII ашәышықәса анҵәамҭазы аџьықәреи (абжьыуаа рҿы "аԥш" ззырҳәо) ҳтәыланӡа иааӡеит. Уи алагьы уаанӡа аԥыжәара змаз аши ахәыӡи рҭыԥ ааннакылеит.
Ҳаамҭазы аԥсуаа есымшатәи рыфатәқәа реилазаара иагәыхә хадоу – аџьықәреи иалырхуа абысҭоуп.

Ачашыла аныҟамыз

Ԥыхьа, ачашыла аныҟамыз аамҭазы, амгьал ашыла ҩежь иалырхуан. Амгьал азы амажәа хызла иркәаҳауан агьама арбзиоит ҳәа, нас аԥлакь ианҵаны ахәышҭаара иҽҳәаргыланы ирӡуан.
Амгьал ахәышҭаара ианыҽҳәадыргылоз аламҭалаз ашә рҟәыҷны хыхь иақәдырҳәҳәыр алшон. Ус иӡу амгьал "ашәымгьал" ҳәа иашьҭан.
Амгьал рӡырц амажәа аныркәаҳауаз гәырҭәыла ацха аларҵазҭгьы, уи цхамгьалхон.
Сбор урожая кукурузы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2022
Амхы, акалаҭ, ауардын, ашыла: аԥш инаркны абысҭанӡа

Аишәа ахь ҩежь

Абысҭа ԥхеиԥхеи ашә налаҵаны, ацыфа надкыланы, ашша злыҵәҵәо ажьҵаа надыргыланы зыхьӡ хара инеиҩхьоу фатәуп, игәырҭәыгоуп. Аџьықәреи иалху ашыла ашьақар, акрахмал, авитамин В1 алоуп. Абысҭа зфо игәабзиара иазеиӷьуп, ирласны ихаҳауеит.
Абысҭа аиҳарак ашыла шкәакәа иалырхуеит, аха имаҷым ашыла ҩежьла ируа абысҭа бзиа избо. Аԥшшәы ҩежьӡа, ихааӡа иахьыҟоу азы "аишәа ахь ҩежь" ҳәа азызҳәо рацәаҩуп. Ашыла ҩежь иалху абысҭа ашьақар чымазара змоу ауаа ирзызҩыдоуп.

Ашылеи алаԥши

Ашыла ауаҩы изы ихәарҭоуп. Алаԥш атәы здыруа аҭәҳәаҟаҵаҩцәа рхы иадырхәоит, амагиатә ҵакы амоуп. Алаԥш иаргәамҵуа аҭәҳәаҩ диҭәҳәаны, ашылеи аџьыкхыши еилаԥсаны, хынтә икәырхшаны амца иақәлыԥсоит, убас ихьыԥшыз ацәгьа-мыцәгьа лбылуеит.
Плющ - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2019
Ашәчбӷьы, аҵәымӷқәа, арацәа ҽыҭқәа, мамзар аԥсуаа алаԥш рыҽшацәырыхьчо

Ашыла аԥхыӡқәа рҿы

Аџьықәреии аӡлагареи еимадоуп. Аӡлагароуп илаганы иузҭо ҩаԥхьа афатә злухуа ашыла. Ажәытәуаа ирҳәалон: "Аӡлагараҿы ашыла анулагалак ашьҭахь маҷк иадамзаргьы ахәы азаанумыжьыр, ачаӷьа уазрыцҳахоит", - ҳәа.
Азгәаҭарақәа реиԥш аԥхыӡқәа рҟынгьы аӡлагара иалаго ашыла иҳанаҳәо маҷым. Иаагозар:
Аӡлагара ашыла алаго ԥхыӡла иубар – аџьынџь аҭбаахара, аҵеицәа рира аанагоит.
Ԥхыӡла аӡлагара иалаго ашыла каԥсауа иубар – аџьынџь иахҟьаны еимакык ҟалоит.
Аӡлагара иахаз аԥш нҵәаны, еибафо ԥхыӡла иубар – аҳәоу еиқәымшәара, агәамҵра иамааноуп.
Аӡлагара ахаҭа аиԥхыӡра – аџьынџь иадҳәалоу зҵаарак алацәажәара иатәуп.
Сон - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Аԥсны
"Ԥхыӡ бзиа убааит": аԥхыӡқәа рзы жәлар разгәаҭарақәак
Ажәабжьқәа зегьы
0