Ажәлар маҷқәа рбызшәақәа ыӡуеит ҳәа ашәарҭара ду ыҟоуп. Адгьыл аҟны ес-ҩымчыбжьа бызшәак ԥсуеит, избанзар уи зхы иазырхәо рыдунеи рыԥсахуеит, ҳәа адыррақәа ыҟоуп. Иахьазы ашәҟәы иҭагалоуп 6 700 инарзынаԥшуа излацәажәо абызшәақәа. Хазҭоу ашәышықәса анҵәамҭазы урҭ рыбжа наунагӡа иӡыр ауеит ҳәа ашәараҭара ыҟоуп. Амилаҭ милаҭны иҟазҵо абызшәа аиҷаҳара, аиқәырхара, арҿиара хымԥадатәиуп. Ҳаамҭазы абызшәа аҵара, адырра иацхрааша, изызҳауа ахәыҷқәа рхатәы бызшәа иалацәажәаразы иҟарҵо, иарбан аус здыруло, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.