Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа алахәын III Амилаҭтә конгресс аартра

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Едуард Быҭәба напхгара зиҭо Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа алахәын III Амилаҭтә конгресс "Амилаҭтә гәабзиарахьчара" аартра.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа алахәын III Амилаҭтә конгресс аартра
Излацәажәоз ахырхарҭақәа иреиуоуп:
Ауаҩы игәабзиара ашьақәыргылара.
Ахәшәреи апрофилактикеи ракзаара.
Асанитартә амшхәабзазара аиқәыршәара.
Иаку ацифратә платформа "Агәабзиара: амедицина аԥеиԥш ахь ашьаҿа".
Аԥсуа делегациа алахәын Аинновациатә ҭҵаарадыра-технологиатә Центр МАУ "Воробьевы горы" иатәу акластер "Ломоносов", урыстәылатәи аҟазауаа рцәыргақәҵеи рыҭҵаамҭақәеи ирыхәаԥшит, иара убас О.М.Филатов ихьӡ зху № 15 ахәшәтәырҭа иаҭааит.