Аҟәатәи абааш аҵакыраҿы ажьицәа рфестивали ацәыргақәҵеи мҩаԥысит. Асахьаҭыхыҩцәеи, ажьицәеи, абџьарҟаҵаҩцәеи реидгыла "Х-напы" алахәылацәа, ажьицәа Дато Гьергьедааи, Гурам Чкадуеи Sputnik арадиостудиаҿы иалацәажәеит афестиваль, ажьира ҳаамҭазы иацу аинтерес, ҳдоуҳатә культура иахәҭаку аҟазара аҿиаразы иҟаҵатәу.
Ҩымш ицоз ацәыргақәҵаҿы анапҟазацәа аҭыԥаҿы ижьиуан, агәазыҳәара змаз зегьы ирыман алшара ажьихәышҭаараҟны арыҭәа аашьҭыхны, иҳәызбоума, иҟамоума, ишыҟарҵо агәаҭара. Ацәыргақәҵа ахаҭа акәзар, ҩ-хәҭакны еихшан – Аԥсны ажрақәа раан ирыԥшааз аҭоурыхтә бџьари ҳаамҭазтәи аҟазацәа русумҭақәеи аҭааҩцәа ирыдгалан.
Даҭо сынтәа Едем Коӷониеи иареи афестиваль аҿы аԥсуа маҟа еибиҭон. Абжеиҳара зегьы аҟаҵара рылдыршеит, иаанхаз аҩны инаигӡарц игәы иҭоуп.
"Уи аус са сзы иаҳа ицәгьан, аԥышәа сымамызт аҟынтә. Аҳәызба ҟаҵара даара исзымариахо салагеит. Аԥсны хар амаӡам ажьицәа рхыԥхьаӡара, 20-ҩык инархыҳәҳәо ахеилак иалоуп. Даара ирыцҳаран иҟоуп, ацәа аус адызуло ахьыҟам, Едем Коӷониа ида сара аӡәгьы дсыздыруам. Ари иӡуа акоуп. Уи шьҭкааны исымоуп, иахьынӡасылшо ҳбап", - ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы Гьергьедаа.
Гурам Чкадуа иажәақәа рыла иҟоуп аҿар ажьира иазҿлымҳау. Урҭ рдыррақәа рыцеиҩыршоит. Ижьиимхаргьы, ирдыруазаауеит ажьира закәу, уи аҵасқәа, ҳәа азгәеиҭеит Чкадуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.