Аԥсны

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны иаатит афотоцәыргақәҵа

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Аҟәа, В. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша аҳәынҭқарратә музеи аҟны иаатит Аԥсны абжьаҟазартә аоперациа 30 шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа "Голубые каски!".
Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп афотоҭыхҩы Владимир Попов иҟаиҵаз здаҟам 50 ҭыхымҭа.
"ИАР атәылақәа рколективтә мчрақәа Урыстәылатәи аруаа рымацарала ишьақәгылан. Ара ирҳәахьеит урҭ рҟынтәи 117-ҩык Аԥсны ахақәиҭреи асуверинитети рыхьчара рхы шақәырҵаз. Шамахамзар абжьаҟазаҩцәа асеиԥш ирацәаҩны иахьҭахахьоу маҷуп, азбанзар, аӡәы дҭахар, егьырҭ алыргоит. Аха урыстәылатәи абжьаҟазаҩҟәа аҵыхәтәанынӡа руалԥшьа нарыгӡеит", — ҳәа иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Ацәыргақәҵа Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла еиҿнакааит. Иара ашықәс нҵәаанӡа Аԥсни Урыстәылеи имҩаԥыслоит. Апроект авторцәас иамоуп ажурналист Руслан Ҳашыги афоторепортиор Владимир Попови.
Абжьаҟазаратә мчқәа Аԥсны рус анагӡара иалагеит рашәара 21 1994 шықәсазы "Аибашьра аанкылареи амчқәа реиҟәыҭхареи рзы" Москватәи Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны. Аиҿагыларатә ҭыԥ аҿы абжьаҟазаратә мчқәа рнапынҵақәа рынагӡара аамҭа иалагӡаны иҭахеит 117-ҩык урыстәылатәи аруаа. Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь, жьҭаара 20 2008 шықәсазы абжьаҟазаратә мчқәа рус хыркәшахеит.