АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҟны агәырӷьаратә еилатәара мҩаԥысит.
Аҳәынҭқарра ахада ихьӡала адныҳәалара даԥхьеит атәыла ахада иусбарҭа анаԥхгаҩы Абесалом Кәарҷиа ҳәа аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.
"Ҳҵарауаа русумҭақәа ареспублика аҩнуҵҟеи анҭыҵи ахә ҳаракны иршьоит. Зегь реиҳа ихадоу аҿар аҭҵаарадырра иахьазҿлымҳау ауп. Аҳәынҭқарра иахьынӡалшо аҵарауаа ҿарацәа адгылара рынаҭоит", — ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҟны.
Аиԥылараҿы аҭҵаарадырратә еилазаара аусура аихшьаалақәа ҟаҵан. Убас, 2024 шықәсазы хҩык рдоктортә диссертациақәа рыхьчеит, даҽа хҩык аҭҵаарадыррақәа иакандидатцәахеит. Уи адагьы, икьыԥхьын имаҷымкәа аҭҵаарадырратә усумҭақәа, аԥсуа ҵарауаа Аԥсни анҭыҵи имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәит.
"Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵаразы" Ақәҵара анапаҵыҩын ԥхынҷкәынмза 12 1993 шықәсазы, аха атәылаҿы иҟаз аекономикатәи аполитикатәи аҭагылазаашьа хьанҭақәа ирыхҟьаны шықәсқәак рышьҭахь, жьҭаара 30 1997 шықәсазы ауп анагӡара аналыршахаз.