Аԥсны

Аԥсны аиҳабыра 2025 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәдырӷәӷәеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Аԥсны аиҳабыра 2025 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәдырӷәӷәеит.
Адокумент инақәыршәаны, ахашәалахәы 13,145 миллиард мааҭ ҟалоит, урҭ рҟынтәи 8 миллиардк — ахатәы хашәалахәуп ҳәа азгәеиҭеит афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Урыстәылатәи афинансттә цхыраара 2024 шықәсазы иҟаз аҩаӡараҿы иаанхоит— 5,2 миллиард мааҭ иҳәеит иара.
Адокументқәа инарықәыршәаны ахарџьқәа 13,255 миллиард мааҭ ҟалоит. Убасала, адефицит — 109,53 миллион мааҭ нхоит.