Аԥсны

Аҟәатәи акоманда актәи аҭыԥ агеит Ареспубликатә арра-спорттә еицлабрақәа "Аиааира" аҟны

Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Аҟәатәи акоманда актәи аҭыԥ агеит XVIII Ареспубликатә арра-спорттә еицлабрақәа "Аиааира" аҟны.
Аҳҭнықалақь апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, иахьа ахәмаррақәа хыркәшан.
Ахәмаррақәа рылҵшәақәа рыла актәи аҭыԥ иаԥсахеит Аҟәатәи еизгоу акоманда. Аҩбатәи — Гәдоуҭатәи, ахԥатәи — Гагратәи акоманда.
Аԥхьахә ҭыԥқәа иаԥсахаз ахраҿақәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи, амедалқәеи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ранашьан.