Аԥсны

Херсонтәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәа Аԥсныҟа ԥсшьара иааит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Херсонтәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәа Аԥсныҟа ԥсшьара иааит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба иҟаиҵаз ааԥхьарала.
Ԥшьҩык ашколхәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи Аҟәатәи апансионат аҿы мчыбжьык рыԥсы ршьалоит.
Аԥсны атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц иажәақәа рыла, асасцәа рзы Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәа еиҿкаахоит.
Иара убасгьы ааԥынразы Херсонтәи аобласт аҟынтәи гәыԥҩык ахәыҷқәа рзы аԥсшьара аиҿкаара азгәаҭоуп.