АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа х-регионк рҿы абҵара 2-3 руха 19-дрон ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Иҳахысыз аҵх азы Киевтәи арежим Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҟны аҳаирплан еиԥшу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла атеррористтә қәлара аҽазышәараан Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи адронқәа 19 ҭадырхеит", — ҳәа аҳәоит аҭыжьымҭаҿы.
Ростовтәи аобласт аҿы 16 дрон ҭархан, Белгородтәи аобласт аҿы ҩба, Волгоградтәи аобласт аҿы акы.