АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Лыхны аиубилеитә "Аҽаҩраныҳәа" иалахәуп Гәдоуҭа араион 22-қыҭеи, Афон ҿыц ақалақьи, Ҟарачы-Черкессиантәи иааз асасцәеи.
Аҭоурых ду змоу Лыхнашҭа, досу рашҭақәа абыцала ишшны, аҿамаҿа иҭаргалаз ашәыри ауҭраҭыхи рыла ирԥшӡан иҟарҵеит. Анхацәа ицәырыргеит амилаҭ чыс, аҩы, ауаҭка, ашәыр, ауҭраҭых.
Шьыжьнаҵы амцақәа еиқәырҵеит ашьтәеи абысҭеи армазеиразы. Амш ақәа шлеиуагьы, аныҳәа рҽаладырхәырц Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи аара иаҿуп. Аԥшәмацәа амилаҭтә маҭәа рышәҵаны асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа ирԥылеит, рчеиџьыка агьама ддырбоит, еиқәныҳәоит.
Лыхнашҭа даҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Иара убас аныҳәа рҽаладырхәырц иааит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхадацәа.
Сынтәа раԥхьаӡа акәны ҷыдала иаԥҵоу акомиссиа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла иалыркаауеит. Аиааирақәа зго иранашьахоит 50, 30, 20 нызқь мааҭ рҟынӡа аԥаратә ҳамҭақәа.