АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аҟәа, Амҳаџьырцәа рбаҟа ашәыга ақәырҭәеит.
Абаҟа акәша-мыкәша еиуеиԥшым аҩырақәа ануп, урҭ реиҳарак аҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах" аҟынтәи иаагоуп. Уи адагьы, архәашаҩцәа Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа акаҭран аҿы ицәаԥҽыгоу аҩырақәа анырҵеит.
Аҭыԥ аҟны аус руеит акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа. Иҟалаз ахҭыс ҭырҵаауеит АҩАР аҟәатәи аҟәша аусҭҵааратә гәыԥ. Урҭ рылҵшәақәа рыла апроцессуалтә ӡбамҭа рыдыркылоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.