Аԥсны

Ақьафурҭа блит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Ақьафурҭа блит Акырҭаа имҩаҟны, Аҟәа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны Амцацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.
Амцакра шыҟалаз азы аҷаԥшьаратә ҟәшахьы адырра ҟалеит асааҭ 05:15 рзы. Уахь иаразнак инеит амцарцәаратә гәыԥқәа хԥа.
"Амцарцәаҩцәа аннеи ахыбра зегьы амца иамҽхакны иҟан, амҿтәы хәҭа зегьы блит", — иҳәеит Кәыҵниа.
Амцакраан аӡәгьы ааха имоуӡеит. Абылра зыхҟьаз ҭырҵаауеит.