Аԥсны

Аҟәатәи аҩбатәи ашкол арҵаҩцәа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Ауалафахәы аиураҟны ауадаҩрақәа змоу Аҟәатәи аҩбатәи ашкол арҵаҩцәа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит.
Аԥсны ахада ипресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, Бжьаниа Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи Аҟәа ахада Беслан Ешбеи аамҭа кьаҿла ари аус рыӡбарц рыдиҵеит.
Ешба иазгәеиҭеит аҳҭнықалақь анапхгара Аҵара аминистрра аусзуҩцәа ауалафахәы ианаамҭоу, инагӡаны ишырзыршәо. Иара иҳәеит аҭагылазаашьа хымԥада ишҭиҵаауа.
Аҳәынҭқарра ахада иргәалаиршәеит цәыббра 1 инаркны урыстәылатәи аган абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа асоциалтә шәарақәа рыҭара шааннакылаз. Уи зыхҟьо аусеицураз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аԥсуа ган аҭакԥхықәрақәа зегьы ахьазынамыгӡаз ауп.
Иара иажәақәа рыла, уажәазы аҳәынҭқарра арҭ ашәарақәа хадырҭәаауеит, аха ԥхьаҟа ауадаҩрақәа цәырҵыр алшоит.
"Урыстәыла ҳахьчоит, ацхыраареи адгылареи ҳзыҟанаҵоит, ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, акультуратәи агәабзиарахьчаратәи усбарҭақәа аргылоит. Ҳара ари ҳхаҳмыршҭлароуп, ахә ҳаракны иаҳшьалароуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада аиԥылараан.