Аԥсны

Аԥсны жәамз рыҩнуҵҟа абиуџьет ахь ашәахтәшәарақәа рыплан 17% рыла инагӡоуп

Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Жәамз рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтәқәа рыплан ҳәа иазԥхьагәаҭаз аасҭа 17% рыла еиҳаны иалагалоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра.
Алагала амҽхак 5,2 миллиард мааҭ ҟалеит, 4,5 миллиард мааҭ ҳәа иазԥхьагәаҭаз аплан иаҿырԥшны.
2023 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны — 121%, мамзаргьы 927,5 миллион мааҭ ыҟан.