Аԥсны

2024 ашықәс иалагазар иахьанӡа Аԥсны азеиԥшшьаустә цәгьоурақәа 509 мҩаԥгоуп

Sputnik
АҞӘА, абҵара 6- Sputnik. 2024 ашықәс иалагазар иахьанӡа Аԥсны азеиԥшшьаустә цәгьоурақәа 509 мҩаԥгоуп.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аштаб аиҳабы Денис Ҭаниа иажәақәа рыла, урҭ рҟынтәи 473 аарԥшуп.
181 ацәгьоура, ацәгьоура-ӷәӷәа ҳәа иԥхьаӡоуп. Урҭ рҟны 11 ауаҩшьреи ауаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит, акы ауаҩы иӷьычра, 166 — закәаншьаҭада анаркотикқәа реикәыршара иҳәеит Ҭаниа, аминистр Роберт Кьиут дызлахәны имҩаԥысуаз изаамҭанытәиу аилацәажәараҟны.