Аԥсны

Ажьырныҳәамза инаркны абҵарамза алагамҭанӡа Аԥсны амҩатә машәырқәа 139 ҟалеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 6- Sputnik. Ажьырныҳәамза инаркны абҵарамза алагамҭанӡа Аԥсны амҩатә машәырқәа 139 ҟалеит ҳәа иҳәеит Аԥсны АҩАР аҟны имҩаԥысуа аилатәараҿ Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.
Абри аан 40-ҩык ауаа ҭахеит, 153-ҩык аахақәа роуит.
Аҩӡба иазгәеиҭеит жәамз рыҩнуҵҟа ашьаҟауаа 16-ҩык амашьына шрысыз. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ауаа лассы-лассы иахьахәҭам аҭыԥқәа рҿы амҩа шеихырҵәо, зехьынџьара ашьаҟауаа рзы амҩақәа шыҟам, амҩақәа жәпакы рҿы арлашара шыԥсыҽу. Аҳәынҭавтоинспекциа ари ахырхарҭала аусура мҩаԥнагалоит ҳәа иазгәеиҭеит иара.