АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. 2024 шықәса жәамз рыҩнуҵҟа Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа иазгәаҭан ирымаз аасҭа 21% иацҵан инагӡоуп, 3,4 миллиард мааҭ ыҟоуп.
Аԥсны аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, жьҭаарамзазы ахыԥхьаӡаларақәа 345,2 миллион мааҭ ҟалеит.
2024 шықәса ахԥатәи аԥшьбарак иалагӡаны Аԥсны аҳазалхратә усбарҭақәа 3 миллиард мааҭ инареиҳаны ашәахтәқәа еизыргеит, уи алагьы иарбаз 25% иацҵан инагӡоуп.