АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан афельдшер-акушертә пункт ҿыц дыргылеит.
Аԥсны ахада ипресс-маҵзура ишаанацҳаз ала, ажәытә хыбра шәарҭан, 2017 шықәсазы уи ықәганы аҿыц дыргылеит. Аргылара ахыркәшаразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 2,5 миллион мааҭ инареиҳаны иазоужьхеит.
Апункт ҿыц аҿы иҟалоит ачымазара ҿкқәеи, ахаԥыцхәшәтәырҭатәи, ахәыҷтәи, анхамҩатәи кабинетқәеи адкыларҭеи. Ара аус руеит ҩыџьа амедиеҳәшьцәеи ахаԥыцхәшәтәҩы ҳақьыми.
Ақыҭаҿы ашколқәраҟынӡатәии ашколқәра иаҵанакуеи ахәыҷқәа 90-ҩык нхоит.