АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла аекономика аминистр Моҳаммад Рабиа Кьалааџьии алацәажәеит ахәаахәҭратә, аекономикатә, атехникатә, акультуратә усеицураз Аԥсны-Шьамтәылатә еилакы аҩбатәи аилатәара амҩаԥгара шхымԥадатәиу.
Аганқәа рылацәажәеит анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡаразы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа, знапаҵыҩра азгәаҭаны иҟоу аҳазылхра, аҵарадырра, ақыҭанхамҩа русхкқәа рганахьала аиқәшаҳаҭрақәа разырхиара.
Иазгәарҭеит ахәаахәҭратә хаҭарнакрақәа раԥҵара, ахәаахәҭратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа реинырра, аекономикатә уснагӡатәқәа реицымҩаԥгара хра шрымоу.
Аилак актәи аилатәара мҩаԥысит Дамаск, лаҵара 18 2021 шықәсазы.