АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амилициа аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауит "Апсны.Иахьа".
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, атәылауаа ршәарҭадареи ауаажәларраҿы аҭышәынтәалареи реиҿкааразы русура аҵак ду шамоу, атәыла анапхгара аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа реиқәыршәара ҷыдала ахшыҩзышьҭра шарҭо.
"Шықәсқәак ирылагӡаны иҳалшеит 200 рҟынӡа автомашьынеи, 1 500 инареиҳаны иҷыдоу атехникеи, 12 500 амаҭәа ҷыдеи раахәара. Азинхьчаҩцәа рулафахәы 100% инарыцны еизҳаит. Ҳара аринахысгьы зегьрыла адгылара шәаҳҭалоит", — ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Бжьаниа амилициа аусзуҩцәа агәабзиареи, рмаҵураҿы ақәҿиарақәеи, рҭаацәарақәа рҿы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.