АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Ҟрым атәылауаҩ Киев аинтересқәа рзы дахьыԥшыхәуаз азы даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ.
"Ишьақәыргылоуп 1992 шықәса рзы ииз, Ҟрым Ленинтәи араион аҿы инхо ауаҩы Украина Атәылахьчара аминистрра Аԥшыхәратә усбарҭа хада хатәгәаԥхарала иҽрымаданы, Феодосиа иҟоу арратә ргыларақәеи арегион аҿы игыло Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәеи рзы адыррақәа шриҭоз аҳәаанырцәтәи амаҵзура ҷыда ахаҭарнакцәа" - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Акураторцәа рыдҵала иара Феодосиа анефҭтә базеи амшынбаӷәазеи агеолокациа аркны машьынала дрывсуан.
"Ԥшыхәрала аҳәынҭқарратә чарҳәара" ахәҭаҷ ала ашьаус хацыркуп. Иаанкылоу иԥсы ҭанаҵы абахҭа дҭаркыр алшоит.